Абҵара 18 рзы Санкт-Петербург рыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны адепутаттә корпус ахаҭарнакцәеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи злахәыз Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа ақалақь анапхгара ахаҭарнакцәеи дареи аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥыргеит.
Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ – адәныҟатәи аимадарақәа рзы Аилак ахантәаҩы Евгени Григориеви дареи реиԥылара мҩаԥысит. Аганқәа ргәаанагарақәа еибырҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Санкт-Петербурги реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиареи рырӷәӷәареи рԥеиԥшқәа рзы.
Иара убасгьы имҩаԥысит аҵарадырра азҵаарақәа хылаԥшра рызҭо Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Ирина Потехинеи дареи реиԥылара. Аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа рылацәажәеит аҵаратә усхк аҟны аусеицура арҭбаара аԥеиԥшқәа, иара убас Санкт-Петербург имҩаԥысуа аҵаратә проектқәа Аԥсны ахаҭарнакцәа рылахәхаразы алшарақәа.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аҩ-ганк рҵаратә усҳәарҭақәа рыбжьара аинырра аҿиара. Аиԥылара аихшьаалақәа рыла 2027 шықәса ааԥынразы Санкт-Петербург имҩаԥысраны иҟоу Петербургтәи жәларбжьаратәи арҵаратә форум (ПМОФ) алахәхаразы Аԥсны абжьаратә школқәа рҵаҩцәеи рырҵаҩцәеи рнаԥхьаразы аиқәшаҳаҭра бжьаҵоуп.
Аиҿцәажәарақәа раан иара убасгьы ирыхәаԥшын аҵарадырра аганахьала аусеицура ԥхьаҟатәи арҭбаара егьырҭ ахырхарҭақәеи аԥеиԥшқәеи.