Абҵара 14 рзы Берлин, Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа адискуссиатә еиԥылара «БРИКС: Урыстәыла агәаанагарала алшарақәеи ааԥхьарақәеи» лхы алалырхәит. Аиԥылара еиҿнакааит асоветтәи урыстәылатәи аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа берлинтәи руаажәларратә хеидкыла.
Аиԥылараан ирылацәажәоуп БРИКС аҿиара аԥеиԥшқәа, Аглобалтә лада атәылақәа ганрацәалатәи русеицуреи жәларбжьаратәи афинанстә институтқәа реиҭакреи рызҵаарақәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп аглобалтә напхгараҭареи адунеитә економикеи рҿы аидгылара иааннакыло аҭыԥ.
Ақәгыларақәа анхыркәшаха алахәылацәа иззааҭгылаз азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.