Аԥсны аделегациеи Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Кирилл Полиакови еиԥылеит

Аԥсны аделегациеи Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Кирилл Полиакови еиԥылеит
19 November 2026 1

Абҵарамза 19, 2026 шықәса рзы, Аԥсны аҳәынҭқарра аделегациа Санкт-Петербург аҟазаараан ақалақь аҳәынҭқарратә мчра апрофильтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа алархәны имҩаԥгаз аусуратә еилатәара ахы аланархәит. Аиԥылара мҩаԥысит Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Кирилл Полиаков ихантәаҩрала.

Аԥснытәи аделегациа аилазаара иалахәуп: Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент адепутатцәа Венори Бебиа, Баҭал Џьопуа, Левон Галустиан, Ахра Ԥачлиа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, ареспубликатә партиа «Аԥсны Жәлар рфронт» ахантәаҩы, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭратә хаҭарнакра анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Лаша Сақаниа, иара убас Гагратәи араионтә еизара ахантәаҩы Борис Бениа.

Аиԥылара иатема хаданы иҟалеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Санкт-Петербурги рыбжьара аусеицура аринахысгьы арҿиареи арӷәӷәареи.

Аганқәа алацәажәеит 2026 шықәса ԥхынгәымзазы анапы зҵаҩыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Санкт-Петербург Аиҳабыреи (Урыстәылатәи Афедерациа) рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, асоциал-гуманитартә усхкқәа рҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анагӡара.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп апрактикатә цхыраара, хаҭала ареспублика иҷыдоу атехника ала аиқәыршәара.

Аԥсни Санкт-Петербурги рыбжьара акультура-гуманитартә еимадарақәа рыҿиара шымҩаԥысуа азгәаҭоуп.

Аусуратәи агуманитартәи еимадарақәа ԥхьаҟатәи рыҿиара аконтекст ала аганқәа алацәажәеит аӡынтәи аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Санкт-Петербурги рыбжьара ишиашоу аҳаиреимадара аԥеиԥшқәа.

Хазы иазгәаҭоуп ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рдинамика бзиа: аҵыхәтәантәи арбагақәа рыла аганқәа рыбжьара атауареикәыршара 15% рыла еиҳахеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Санкт-Петербурги рыбжьара иарбоу ахырхарҭақәа рыла аимадарақәа рырӷәӷәареи еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡареи рзы аусура иацҵахоит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: