Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ ирдыруеит Москва аҳаирбаӷәазақәа рҿы Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан ауадаҩрақәа шыҟалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу, Аԥсны атәылауаҩшәҟәы цәырызго рзы. Егьырҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аиԥш-зеиԥшу аҭагылазаашьақәа рзы адыррақәа аминистрра иамаӡам.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари азҵааразы Урыстәылатәи Афедерациа аусбарҭақәеи иареи аконсультациақәа мҩаԥыргоит аус зуа ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҭагылазаашьақәа ҳасаб рзуны.
Асеиԥш аҭагылазаашьақәа ҟалар аналшо азы аминистрра атәылауаа ирабжьнагоит ицәырҵыз ауадаҩрақәа рзы официалла аусбарҭа адырра арҭаларц, урҭ рыҟалара аҭагылазаашьақәа рзы инарҭбаау адыррақәа ацны.
Аминистрра атәылауаа ирабжьнагоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи егьырҭ азинмчы змоу аусбарҭақәеи рофициалтә дырраҭарақәеи реилыркаарақәеи ирықәныҟәаларц, иара убас аофициалтә шьақәырӷәӷәара змауз адыррақәа ирықәымгәыӷларц.