Олег Барцыц адомино азы адунеи Ачемпионат алахәылацәа идикылеит

Олег Барцыц адомино азы адунеи Ачемпионат алахәылацәа идикылеит
20 October 2026
Жьҭаарамза 20, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц 2026 шықәсазы адомино азы адунеи Ачемпионат алахәылацәа Алмас Габуниеи Саид Ашәбеи идикылеит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцуразы Адепартамент аиҳабы Сариа Џьапуаԥҳаи.

Олег Барцыц Алмас Габуниа идиныҳәалеит Испаниа имҩаԥысуаз атурнир аҿы иааирԥшыз алҵшәа бзиа.

Аминистр иазгәеиҭеит ари алҵшәа шаҳаҭра шауа азыҟаҵара ӷәӷәеи апрофессионализми рымазаара, аиааира хықәкыс ишамоу.

Хаз игоу адныҳәаларақәа Аԥсны адомино Афедерациа иазырхан.

Олег Барцыц аԥсуа спортсменцәа рықәгылара акыр зҵазкуа, ахьӡ-аԥша змоу лҵшәаны дахцәажәеит. Иазгәаҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра еизгоу акоманда Испаниа ихарҭәаам аилазаарала ишықәгылоз Қырҭтәыла ҽазҵәылхрала иҟанаҵоз аԥынгылақәа ирыхҟьаны.

Олег Барцыц иазгәеиҭеит иарбоу аԥкырақәа Қырҭтәыла имҩаԥнаго аҭахкааратәи адискриминациатәи ҽазышәарақәа ишрыхҟьо, убри инаваргыланы иазгәеиҭеит урҭ аԥсуа команда активреи уи иаԥсоу алҵшәеи ишырнымԥшыз.

Аминистр хазы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит адомино Жәларбжьаратәи афедерациа Ахада Мануель Окендо иааникыло апозициа, иагьазгәеиҭеит ишәоу-изоу, игуманисттәу, ииашоу аҟазшьа шамоу.

Аганқәа иара убасгьы иалацәажәеит 2027 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны имҩаԥысраны иҟоу адомино азы адунеи Ачемпионат аҽазыҟаҵара азҵаара.

Олег Барцыц аҳәамҭа ҟаиҵеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра имҩаԥысраны иҟоу аусмҩаԥгатә аԥыжәара шанаҭо, уи азы аусура ацҵара ишазыхиоу шьақәирӷәӷәеит.

Аиԥылараан аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы иахәҭоу адгылара шанаҭо Аԥсны адомино Афедерациа аҿиареи аусуреи, аԥснытәи аспортсменцәа жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аицлабрақәа рылахәхареи, иара убас 2027 шықәсазы адомино азы адунеи Ачемпионат Аԥсны Аҳәынҭқарра амҩаԥгараз аҽазыҟаҵареи.

Аминистр агәра диргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыреи Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аспортсменцәа зыҩаӡара ҳараку жәларбжьаратәи аицлабрақәа рылахәхараҿы иахәҭоу ацхыраара шрырҭало.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: