Олег Барцыц Ростов-На-Дону иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ҳаҭыр зқәу аконсул диԥылеит

Олег Барцыц Ростов-На-Дону иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ҳаҭыр зқәу аконсул диԥылеит
9 October 2026 48
Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ҳаҭыр зқәу аконсул Адик Аршба диԥылеит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны АдәАР Аппарат анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Барзаниа Алисеи Аԥсны АдәАР астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганбеи.

Аиԥылараан Адик Аршба аминистр иирдырит Аҳаҭыртә консулра аусура атәы.

Аганқәа Ростовтәи аобласт аҿы инхо Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аконсултә цхыраара рыҭара азҵаарақәеи иарбоу аусхк аҿы Аҳаҭыртә консулра алшарақәа рырҭбаара аԥеиԥшқәеи ирылацәажәеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: