Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы рамҭалатәи агәрага Максим Литвинов

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы рамҭалатәи агәрага Максим Литвинов
22 October 2026 1
Жьҭаара 22 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы рамҭалатәи агәрага Максим Литвинов.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны АдәАР Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба, жәларбжьаратәи-азинтәи Департамент аиҳабы Сабина Лакоба.

Аиԥылараан еиҳарак хшыҩзышьҭра аҭан Москва аҳаирбаӷәазақәа рҿы Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ауадаҩрақәа рызцәырҵраз хазы игоу ахҭысқәа рылацәажәара.

Аԥсуа ган агәҭынчымра аанарԥшит иара убас Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа алалареи (мамзаргьы) алҵреи раан Аԥсны атәылауаҩшәҟәы рхархәара аҳәаахьчаратә хылаԥшра мап анацәыркуа ахҭысқәа  еиҳа-еиҳа иахьырацәахаз.

Аус зуа ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны иарбоу азҵаара оперативла аҭышәныртәаларазы наҟ-наҟтәи аинырра наҟ-наҟтәи азҿлымҳара азгәаҭан.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: