Аминистр инапынҵақәа назыгӡо, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Кавказнҭыҵ ашәарҭадаразы аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит

Аминистр инапынҵақәа назыгӡо, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Кавказнҭыҵ ашәарҭадаразы аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит
28 October 2026 1

Жьҭаарамза 28, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аминистр инапынҵақәа назыгӡо, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа — Халед Хиари (ЕАР), Криштоф Шпети (ОБСЕ), аполитикатә бжьагаҩ Готфрид Ханнеи (ЕЕ) реиԥылара мҩаԥысит.

Аԥсуа ган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Асҭанда Патараиаԥҳа, Алина Ҷанԥҳа, Леван Гадлиа.

Аиԥылараан еиҳарак ахшыҩзышьҭра аҭан 2026 шықәса абҵара 10-11 рзы Женева имҩаԥысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа 68-тәи рраунд амшхәаԥштә.

Аԥсуа ган даҽазныкгьы азхьаԥшра анаҭеит Қырҭтәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҿагыланы арратә мчы ахамырхәаразы зинла адҵа азыҟазҵо адокумент аус адулареи анапаҵаҩреи шхымԥадатәиу. Инаҵшьны иазгәаҭан иарбоу адокумент анапаҵаҩра аиҿцәажәаратә формат иахықәкы хаданы ишаанхо.

Аконсультациақәа раан агуманитартә мшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа рзы агәаанагарақәа реимдара мҩаԥысит, хақәиҭрала аныҟәареи аиҿцәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны анаҩс азхьаԥшра зҭаху егьырҭ атемақәеи налаҵаны.

Аԥсуа ган ацхантәаҩцәа рҟынӡа инанагеит аиԥылара алахәхаразы иааԥхьоу, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак, Аднан Мендерес иуниверситет адоцент Ельчин Аӡынба лыкәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы аинформациа.

Ельчин Аӡынба ацхантәаҩцәа идлырдырит Женева имҩаԥысуаз ажәлар маҷқәа рызҵаарақәа рзы Еиду Амилаҭқәа Реидгыла Афорум асессиаҿы лықәгылара ашьҭахь ақырҭуа ган аҟынтәи дзықәшәаз ақәыӷәӷәарақәеи, ашәарҭарақәеи, акибержәыларақәеи. Дырзааҭгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аҭахкаара азҵаарақәа, хақәиҭрала аныҟәара аԥкырақәа, Аԥсны атәылауаа рдокументқәа разхамҵара.

Аиԥылараан хазы ахшыҩзышьҭра аҭан ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура аиҭарҿыцразы аицҽазышәарақәа рыцҵара шхымԥадатәиу.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа инаҵшьны иазгәарҭеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рыхьчаразы иахәҭоу мыругак аҳасаб ала аиҿцәажәарақәа реиқәырхара аҵак ду шамоу.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: