Ажәабжь ҿыцқәа
19 November 2026 30
Абҵарамза 19, 2026 шықәса рзы, Аԥсны аҳәынҭқарра аделегациа Санкт-Петербург аҟазаараан ақалақь аҳәынҭқарратә мчра апрофильтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа алархәны имҩаԥгаз аусуратә еилатәара ахы аланархәит. Аиԥылара мҩаԥысит Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Кирилл Полиаков ихантәаҩрала.
Абҵарамза 17, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Гәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик - Багдасаров инаԥхьарала жәларбжьаратәи акультуратә усеицуразы Урыстәылатәи Афедерациа ахада ихаҭарнак ҷыда Михаил Швыдкои Венесуела иҟазаара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
18 November 2026 30
Абҵара 18 рзы Санкт-Петербург рыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны адепутаттә корпус ахаҭарнакцәеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи злахәыз Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа ақалақь анапхгара ахаҭарнакцәеи дареи аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥыргеит.
Абҵара 14 рзы Берлин, Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа адискуссиатә еиԥылара «БРИКС: Урыстәыла агәаанагарала алшарақәеи ааԥхьарақәеи» лхы алалырхәит. Аиԥылара еиҿнакааит асоветтәи урыстәылатәи аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа берлинтәи руаажәларратә хеидкыла.
Абҵарамза 11, 2026 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа иҟоу Палестина Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба палестинатәи аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ Иасир Арафат иԥсҭазаара далҵижьҭеи 22-шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Абҵарамза 11, 2026 шықәса рзы Женева ихыркәшахеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи рраунд.
Абҵарамза 10-11, 2026 шықәса рзы Женева Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи рраунд мҩаԥысуеит.
11 November 2026 115
Акультура-рккаратә цикл «Аԥсуара» аҳәаақәа ирҭагӡаны Санкт-Петербург имҩаԥысит Санкт-Петербургтәи акультура-рккаратә еилазаара «Аԥсни» Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси еиҿыркааз аԥсуа ҿар реиԥылара.
9 November 2026 88
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци адәныҟаполитикатә усбарҭа анапхгаратә еилазаареи аҳәынҭқарратә ныҳәа – жәлар ракзаара Амш инамаданы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа еиҿнакааз аныҳәатә дкылара рхы аладырхәит.