Ажәабжь ҿыцқәа

Абҵарамза 11, 2026 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа иҟоу Палестина Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба палестинатәи аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ Иасир Арафат иԥсҭазаара далҵижьҭеи 22-шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Никарагуа иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи «2026-2027 шш. рзы акаҳуа аҽаҩра аҭагалара ашәарҭадара аиҿкааразы Амилаҭтә план» анагӡара алагара иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит.
Жьҭаара 18 рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика, Диузџье ақалақь аҿы имҩаԥысит 1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы.
Ахәылԥаз хацыркхеит Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн анагӡарала. Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз.
Цәыббрамза 10, 2026 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иван Лареи реиԥылара мҩаԥысит.
Нанҳәамза 26, 2026 шықәса рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Абжьаҟазаратә мчқәа рырратә контингент арратә еиҳабы аполковник Дмитри Сорокини, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аахыҵ Уаԥстәыла аофициалтә хаҭарнакра аиҳабы Витали Ианковскии х-ганктәи реиԥылара мҩаԥысит.
Нанҳәамза 26, 2026 шықәса рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ахада Вадим Красносельскии ПМР иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани ПМР иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнакра аиҳабы Витали Ианковскии реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара иара убасгьы ихы алаирхәит ПМР Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев.
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу Ахаҭарнакраҿы аԥснытәи ассоциациақәа Рфедерациа ахаҭарнакцәа — ахантәаҩы Иавуз Илкучар (Аҭыршба), амаӡаныҟәгаҩ хада Шамиль Зерен (Иашба), Биулен Барыш (Печлиа), Аԥсардаҳан Озташ (Быџь), Џьанкат Елкат (Аубых), Иара убас Аԥснытәи Акультуратә Центр «Дарыери» ахантәаҩы Аҭанур Аксои (Акуспа) алархәны, аԥшьгаратә гәыԥ «Аԥсны аҭахкаара аанкылатәуп» ахаҭарнакцәа— Џьенгиз Гиуль (Гогәуа), Аныт Бабы (Пабба), Ульви Озџьан (Хукши), Аҳмеҭ Бабаоглу, Бильге Екен, Дилара Ҭан (Кабыԥсы) алахәны аконсультативтә еиԥылара мҩаԥысит.
Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Нури Хәарцкьиа урыстәыла-африкатәи адиалог азы аплошьадка аӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва имҩаԥысыз жәлар рдипломатиа Ацентр еиҿнакааз адипломатиатә дкылара ихы алаирхәит.
Нанҳәа 8-9 рзы Ареспублика Никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа имҩаԥысит 40 инареиҳаны атәылақәа рхаҭарнакцәа еидызкылаз итрадициатәу есышықәсатәи аԥхынтәи акультура-гастрономиатә фестиваль.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: