Ажәабжь ҿыцқәа

3 November 2026 116 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Оливер Бланко Маркос Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистрс иҟалара идиныҳәалеит.
3 November 2026 128 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков адныҳәаларатә нота изишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ныҳәа — жәлар ракзаара Амш инамаданы.
3 November 2026 127 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ныҳәа — жәлар ракзаара Амш инамаданы адныҳәаларатә нота изишьҭит.
Жьҭаарамза 28, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аминистр инапынҵақәа назыгӡо, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа — Халед Хиари (ЕАР), Криштоф Шпети (ОБСЕ), аполитикатә бжьагаҩ Готфрид Ханнеи (ЕЕ) реиԥылара мҩаԥысит.
Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Никарагуа иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи «2026-2027 шш. рзы акаҳуа аҽаҩра аҭагалара ашәарҭадара аиҿкааразы Амилаҭтә план» анагӡара алагара иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит.
Жьҭаара 22 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы рамҭалатәи агәрага Максим Литвинов.
21 October 2026 172
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ ирдыруеит Москва аҳаирбаӷәазақәа рҿы Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан ауадаҩрақәа шыҟалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу, Аԥсны атәылауаҩшәҟәы цәырызго рзы. Егьырҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аиԥш-зеиԥшу аҭагылазаашьақәа рзы адыррақәа аминистрра иамаӡам.
Жьҭаарамза 20, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц 2026 шықәсазы адомино азы адунеи Ачемпионат алахәылацәа Алмас Габуниеи Саид Ашәбеи идикылеит.
Жьҭаара 18 рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика, Диузџье ақалақь аҿы имҩаԥысит 1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы.
Жьҭаарамза 19 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци жьҭаара 1-4 рзы Сҭампыл (Ҭырқәтәыла) имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир «Diamond Cup» зхы алазырхәыз асахьаркыратә гимнастиказы Аԥсны еизгоу акоманда аспортсменка қәыԥшцәеи реиԥылара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: