Ажәабжь ҿыцқәа
2017 шықәса ԥхынгәы 30 инаркны нанҳәа 12 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоуп НАТО атәылақәеи алианс апартниорцәеи злахәу арратә зыҟаҵарақәа "Достойный партнер 2017" (Noble Partner 2017). Аусмҩаԥгатә иалахәхоит 2 800-ҩык Қырҭтәыла, США, Великобританиа, Германиа, Ҭырқәтәыла, Словениа, Украина, Ермантәыла рыруаа.
Ааигәа ареспубликаҟны аҭыԥ змаз атрагедиатә хҭысқәа ауаажәларра-политикатәи аинформациатәи резонанс цәырыргеит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы гәалсра дула ирыдыркылеит ҭаацәала Аԥсны зыԥсы зшьоз Урыстәыла атәылауаҩ ишьра.
Ԥхынгәы 12 2017 шықәса рзы ООН иҟоу Қырҭтәыла Ахаҭарнак диԥылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш. Аиԥылараан инаҵшьны иазгәаҭан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа ишрықәныҟәо ахылаԥшразы жәларбжьаратәи амеханизмқәа раԥҵара аҵак ду аманы ишыҟоу.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны азхьаԥшра арҭеит Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистр, иара Қырҭтәыла усутә визитла даныҟаз иҟаиҵаз аҳәамҭақәа. Аминистр даҭаан дыҟан аԥсуа-ақырҭуа ҳәынҭқарратә ҳәаа иаԥну аҭыԥқәа. Уа иара ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны азхамҵареи аҭахкаареи рус иацҵазарц, иара убасгьы урыстәылатәи амчрақәа атәыла аннаксиа азыруит ҳәа азгәеиҭеит.