Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит

Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит
9 October 2026 48
Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц урыстәылатәи аган ааԥхьарала Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит, уаҟа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови иареи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны АдәАР астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов, Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ Алексеи Желыгин.

Аиԥылараан имҩаԥысит ҩ-ганктәи амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа рзы аконструктивтә гәаанагарақәа реимдара. Аганқәа аԥсуа-аурыс усеицура уажәтәи аҭагылазаашьеи уи ԥхьаҟатәи аҿиара аԥеиԥшқәеи ирылацәажәеит, иара убас наҟ-ааҟтәи азҿлымҳара ззыҟоу ахырхарҭақәа рыла апрактикатә еинырра азҵаарақәа ирыхәаԥшит.

Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра рзеиқәыршәара азҵаарақәа. Олег Барцыц Виачеслав Гладков ҭабуп ҳәа иеиҳәеит урыстәылатәи аган иахәҭоу апроцедурақәа рырццакраҿы иахьацхрааз азы.

Аиԥылара мҩаԥысит итрадициатәу аиҩызаратә атмосферала.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: