Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Британиа Ду Аԥсны аҳаҭыр змоу аконсул, британиатәи аҵарауаҩ - кавказҭҵааҩ, "Ахьӡ –Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Џьорџь Хьиуитт иԥшәма Заира Хьиԥҳа лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы дидашшылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто Аԥсни Венесуелеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 15 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани иахь хаҭалатәи ашәҟәы ишьҭит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев иирамш идиныҳәалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Ҭаџьикисҭан иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев ииубилеи идиныҳәалеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 2025 шықәса, рашәара 22 рзы Дамаск ауахәамаҿы иҟалаз атеррористтә қәылара инамаданы Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакрахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 33 шықәса ахыҵра инамаданы адашшылара ҟанаҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 33 шықәса ахыҵра инамаданы адашшылара ҟанаҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла Амш азгәаҭара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәыла Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭахь адныҳәаларатә шәҟәы рышьҭит.