Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи араунд азы

Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи араунд азы
11 November 2026 1

Абҵарамза 11, 2026 шықәса рзы Женева ихыркәшахеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи рраунд.

Имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа раан аԥснытәи аделегациа Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа ирзеиҭарҳәеит ақырҭуа ган аԥсуа спортсменцәа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рылахәхара иаԥырхагахарц иҟарҵоз аҽазышәарақәа ртәы, ҷыдала Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз асахьаркыратә гимнастиказы атурнири Испаниа имҩаԥысуаз адомино азы адунеи ачемпионати раан – иарбоу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааҩцәа рықәыӷәӷәарала.

Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан Аднан Мендерес иуниверситет адоцент Ельчин Аӡынба лганахь ала аҭыԥ змаз ақәыӷәӷәареи ашәарҭарақәеи, Женева имҩаԥысуаз амилаҭ маҷқәа рызҵаарақәа рзы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Афорум асессиаҿы лықәгылара ашьҭахь. Уа лара дазааҭгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа жәларбжьаратәи рҭахкаара апроблема.

Аԥсуа ган инаҵшьны иазгәанаҭеит агуманитартә, аҵаратә, аспорттә еимадарақәа рполитизациа шзыҟамло, иара убасгьы ауаҩы изинқәеи ихадароу ахақәиҭрақәеи пату рықәҵареи рыҭареи шхымԥадатәиу, агәаанагарақәа раарԥшра ахақәиҭразы азинқәагьы уахь иналаҵаны.

Ашәарҭадара азҵаарақәа рылацәажәараан аԥсуа ган ҩаԥхьа инаҵшьны иазгәанаҭеит Қырҭтәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы зинла адҵаҟаҵаратә документ аус адулареи анапаҵаҩреи шхымԥадатәиу. Иазааҭгылоуп иахәҭоу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә иазҵаара хаданы ишаанхо, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ралыршаразы апринциптә ҵакы шамоу.

Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан Гал ақалақь аҿы ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура аиҭарҿыцра аԥеиԥшқәа. Аԥсуа ган иарбоу аформат инагӡаны аусура аиҭашьақәыргылара ишазҿлымҳау шьақәнарӷәӷәеит, ицәырнагеит иҟоу аилибамкаарақәа риааиреи амеханизм анаҩсҟа аусуразы ихымԥадатәиу наҟ-ааҟтәи аӡбамҭақәа рыԥшаареи ирзырхоу аҳәоу цҵақәа.

Агуманитартә зҵаарақәа рзы аусуратә гәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны хақәиҭрала аныҟәареи, аҵареи, амшхәаԥштә егьырҭ актуалтә аспектқәеи рызҵаарақәа рзы агәаанагарақәа реимдара мҩаԥысит.

Ацмодераторцәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ЕАР жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи амаҵзурақәеи уажәтәи русуразы аинформациа ӡырыргеит.

Аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа ишьақәдырӷәӷәеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рызҵаарақәа маҭәарла рылацәажәаразы акрызҵазкуа жәларбжьаратәи аиҿцәажәаратә формат аҳасабала Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реиқәырхареи иара убас иактуалтәу агуманитартә проблематикеи ишрызҿлымҳау.

Аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2027 шықәса хәажәкырамзазы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: