Абҵарамза 17, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Гәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик - Багдасаров инаԥхьарала жәларбжьаратәи акультуратә усеицуразы Урыстәылатәи Афедерациа ахада ихаҭарнак ҷыда Михаил Швыдкои Венесуела иҟазаара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Амилаҭтә пантеон аҿы Ахақәиҭтәҩы Симон Боливар иҭоубыҭ амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵареи, аурыс шәҟәыҩҩцәа рышәҟәқәа рцәыргақәҵеи, аурыс ашәа аконцерти мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Венесуела акультура Аминистрра ахаҭарнакцәа, адипломатиатә миссиақәа рхадацәа, ҳаҭыр зқәу асасцәа.