Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Иасир Арафат игәалашәара иазку аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит

Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Иасир Арафат игәалашәара иазку аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит
11 November 2026

Абҵарамза 11, 2026 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа иҟоу Палестина Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба палестинатәи аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ Иасир Арафат иԥсҭазаара далҵижьҭеи 22-шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.

Аусмҩаԥгатә иара убас рхы аладырхәит Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске, Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә ассамблеиеи атәылаҿы аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәеи рхаҭарнакцәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: