Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Никарагуа иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи «2026-2027 шш. рзы акаҳуа аҽаҩра аҭагалара ашәарҭадара аиҿкааразы Амилаҭтә план» анагӡара алагара иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит.
Аусмҩаԥгатә абригада аинрал Патрисио Сентено ихьӡ зху Абаталион арратә хәҭа агыларҭа иахьаҵанакуа имҩаԥысит.
Ацеремониа напхгара аиҭон Никарагуа Ар ркомандаҟаҵаҩ Хада, рр реинрал Хулио Сезар Авилес. Аусмҩаԥгатә иара убас рхы аладырхәит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске, аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рызҵаарақәа рзы Никарагуа ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега, атәылаҿы аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәеи русзуҩцәеи, иара убас амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.
Акаҳуа аҽаҩра аҭагалара ашәарҭадара аиҿкааразы Амилаҭтә план анагӡара Ареспублика Никарагуа аекономиказы астратегиатә ҵакы амоуп. Аалыҵ ҭзыжьуа ршәарҭадареи рымҩангареи есышықәса Никарагуа Ар рымчала еиқәыршәоуп.