Ажәабжь ҿыцқәа

Аекономикеи ааглыхреи рминистрреи, жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәеи аџьырмыкьақәеи Русбарҭеи рааԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али 63-тәи Дамастәи Жәларбжьаратәи аџьармыкьа аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма аӡыргара иазкыз аофициалтә пресс-конференциа ихы алаирхәит.
Ԥхынгәымза 19, 2026 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Асандинисттә револиуциа 47-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа рхы аладырхәит.
Ԥхынгәымза 5 рзы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахьыԥшымра Амш 215-шықәса ахыҵра азгәаҭара рхы аладырхәит.
Никарагуа Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Манагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит.
Рашәара 25 рзы Берлин имҩаԥысит еицырдыруа аполитолог, аҭоурыхҭҵааҩ Александр Рар инапхгарала Евразиатәи ауаажәларра аԥхынтәи руснагӡатә, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит жәларбжьаратәи амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа ирызку аимак-аиҿак.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто дидышшылеит Венесуела иҟалаз адгьылҵысра инадҳәаланы.
Рашәара 22 рзы Берлин имҩаԥысит анацисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә.
Рашәара 17 рзы Афедеративтә Республика Германиа, Потсдам ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра иазкыз аусмҩаԥгатә. Аусмҩаԥгатә еиҿикааит Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аофициалтә хаҭарнак Вольфганг Матцке.
Рашәарамза 11, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Урыстәыла Амш инамаданы аофициалтә церемониа ихы алаирхәит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мохаммед Али 24-тәи жәларбжьаратәи аргыларатә цәыргақәҵа BUILDEX 2026 аартра ацеремониа ихы алаирхәит
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: