Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит ахьыԥшымра Амш инадҳәаланы.
Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа ООН, ОБСЕ, ЕС реицхантәаҩрала имҩаԥыргеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 48-тәи рраунд 2019 шықәса ԥхынгәы 2-3 рзы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ азхьаԥшра арҭеит Қырҭтәыла Аиашахаҵара Апарламентбжьаратә Ассамблеиа 26-тәи аилатәараҿ аҭыԥ змаз ахҭыс. Асессиа аусура иалахәын МАП алахәыла-тәылақәа 25 рхаҭарнакцәа.
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 48-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымзазы. Уи аламҭалазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит. Уи аиԥылара мҩаԥысуан рашәара 12 рзы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
04.06.2019 613
Рашәара 2 - 3 рзы Шәачеи Новороссииски абаӷәазақәа рҟны имҩаԥысит акруизтә лаинер «Князь Владимир» аҿы урысәыла-аԥснытәи аусбарҭабжьаратә усутә комиссиа аиԥылара. Аиԥылараан ирылацәажәан Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара амшын-пассаџьыртә еимадара азҵаарақәа.
30.05.2019 1071
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациа Ареспублика Арцах иҟоуп. Аделегациа аилазаара иалахәуп: ареспублика аерманцәа руаԥшь ахантәаҩы Галуст Трапизониан, ауаажәларратә усзуҩ Валери Маиромиан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи арабтә республика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи арабтә республикеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара шықәсык ахыҵра инадҳәаланы.
Лаҵара 28 2019 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнаӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала иҽалаирхәит «Африка амшныҳәа» амҩаԥгара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 27 шықәса ахыҵра инамаданы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Зартәи арыцҳара 27 шықәса ахыҵра амш инадҳәаланы.
17.05.2019 1205
Лаҵара 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идикылеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалбеи.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
12.05.2019 1212
Лаҵара 12 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Лугансктәи Жәлар рреспубликахь днеиит, ареспубликаҿы имҩаԥысуаз аныҳәаәт уснагӡатәқәа иҽрылаирхәырц.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба ихьӡала Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит.
07.05.2019 639
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, аҵаратә усҳәарҭақәа роушьҭымҭацәа рдокументқәа рыдкылара иалагоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиа аҭаларазы.
02.05.2019 841
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба дидикылеит карате-до Шотокан Афедерациа ахаҭарнакцәа рыдыркылеит ахада ихаҭыԥуаҩ Казе Ха - Рохелио Флорес. Аиԥылара иалахәын карате азы Аԥсны Афедерациа ахада Ахра Абухба, карате-до Шотокан аидгыла ахада Игорь Садовников.
Мшаԥы 24 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идикылеит ООН акоординатор, ПРООН ахаҭарнак Луиза Винтони Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҿиареи рызҵаарақәа рзы абжьагаҩ Олега Процики.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ишрыдышшыло атәы зҳәо ашәҟәы рышьҭит Шри-Ланка Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, уи атәылаҿы иҟалаз атҟәацрақәа ирыхҟьаны ауаа рацәа рҭахара инамаданы. Адышшыларатә шәҟаҟны иаҳәоит:
19.04.2019 1469
Мшаԥы 19 рзы V Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономиа аминистр Адгәыр Арӡынбеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аекономике адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр Мухаммед Самер Халиль реиҧылара.