Ажәабжь ҿыцқәа

18 October 2026 122
Жьҭаарамза 12 инаркны 16-нӡа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу Ахаҭарнакра ацхыраарала, Аҳәынҭқарратә университет Медениет (ақ.Сҭампыл) аҟны Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рфакультет астудентцәа рпрофильтә практика мҩаԥысуеит.
16 October 2026 91
Жьҭаарамза 16 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиеи аԥсуа-аурыс ҿартә еихдаратә форум аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика аделегациеи реиԥылара ихы алаирхәит.
13 October 2026 106
Иахьа имшира азгәеиҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба. Ҳаҭыр зқәу Иракли Вахтанг-иԥа!
12 October 2026 159
Иахьа, жьҭаара 12 рзы 27 шықәса ҵуеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы» Акт рыдыркылеижьҭеи.
9 October 2026 123
Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ҳаҭыр зқәу аконсул Адик Аршба диԥылеит.
9 October 2026 111
Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц урыстәылатәи аган ааԥхьарала Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит, уаҟа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови иареи реиԥылара мҩаԥысит.
5 October 2026 143
Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарадырра аусзуҩцәа! Аҵарадырра аусхк Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿиараҿы ихадақәоу ируакуп, уи акраамҭатәи аизҳазыӷьара шьаҭас иамоуп. Аҵара ахаҭабзиара ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟа жәларбжьаратәи аренаҿы амилаҭтә интересқәа ӷәӷәала, агәра ганы, хра рыманы рыхьчара алшара ишиашоу иадҳәалоуп.
2 October 2026 177
Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа» ихы алаирхәит
1 October 2026 298 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани имшира идиныҳәалеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: